Аԥсны

20 инареиҳаны закәаншьаҭада амаининг хархәагақәа Аԥсныҟа ралагалара рҽазыршәеит

Административтә зинеилагаразы аматериалқәа нашьҭуп Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аҳазатә ҭҵаара аҟәшахьы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 31 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аконтрабандеи аҳазалхратә зинеилагарақәеи рҿагыларазы аҟәша аусзуҩцәа аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҿы Аԥсны атәылауаҩ имашьына иҭыргеит акриптовалиута арҳаразы 21 аппарат ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны аҳазалхратә еилакы апресс-маҵзураҟны.
Иара убасгьы, аусбарҭа апресс-маҵзура адыррақәа рыла амашьынаҿы ирбеит амаининг хархәагақәа рыхәҭақәа – 100 мҩанагак, 40 ԥшандага, аӡхагалагақәа 11.