Аԥсны

Апарламенттә еилакы аҿы иахәаԥшит аҳәаанырцәуаа рзинтә ҭагылазаашьазы азакәан

Аилацәажәара иалахәын адепутатцәа рыдагьы аиустициа аминистр Анри Барцыц, ауаҩы изинқәа рзы аусбарҭа ахада Анас Қьышьмариаԥҳа, АҩАР ахаҭарнакцәа.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 31 - Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак аилатәараҿы иахәаԥшит "Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы аҳәаанырцәуаа рзинтә ҭагылазаашьазы" азакәан аԥсахрақәа ралагалара азҵаара. Абри атәы аанацҳауеит Апарламент апресс-маҵзура.
Азакәан апроект аҿы ирыдгалоуп анхараз азин аҿҳәара хәышықәса аҟынтәи жәашықәса ҳәа ашьақәыргылара, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аҳәаанырцәуаа ирнаҭо адокументқәа реиқәыԥхьаӡа шьақәыргылазарц.
Аилацәажәара алкаақәа рыла аӡбара рыдыркылеит Апарламент аԥхьатәи аԥхьарала азакәан апроект аднакыларц.