Аԥсны

Аԥсны Абанк агәаларшәагатә ԥараҿырпы жәларбжьаратәи аицлабраҿ аԥхьахә агеит

"Аԥараҿырпқәа реҵәаџьаа" – Урыстәыла имҩаԥысуа, адунеи аҿы иналукааша еицлаброуп.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 31 - Sputnik. Аԥсны Абанк иҭнажьыз агәаларшәагатә ԥараҿырпы "Афон ҿыц" ахԥатәи аҭыԥ ннакылеит аԥараҿырпқәа рзы XVII жәларбжьаратәи аицлабра "Аԥараҿырпқәа реҵәаџьаа" аҟны "Аоригиналтә технологиа" аноминациала.
Аицлабра иалахәын 18 тәыла рҟынтәи 23-ҩык.
Ажиури иалахәын амузеи дуқәа, аукционқәа, анумизматикатә еилазаарақәа, акоммерциатә банкқәа, аԥараҿырпқәа рзы аҭыжьымҭақәа рҟазауааи рхаҭарнакцәеи.
"Аоригиналтә технологиа" аноминациаҟны азхьаԥшра арҭон ахаҭабзиара анагӡашьа, атехнологиа ҷыдақәа рхархәашьа, еиуеиԥшым аматериалқәа рхархәашьа.
Аԥараҿырп "Афон ҿыц" – "Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭыԥ ԥшӡаррақәа" рсериа иаҵанакуа хә-ԥараҿырпык ируакуп. Аҩнуҵҟатәи аган акомпозиттә материал "Пламет" иалхуп, аԥшшәы змоу аполиграфиатә сахьала иҩычоуп, адәныҟатә кәыршара алиумин иалху кәылџьуп.