АҞӘА, жьҭаара 31 – Sputnik. Агәаҭара аушьҭырҭатә-ҭыԥ "Егры" ала Аԥсныҟа иҭалар зҭахыз Палестинатәи ахҵәацәа ргәыԥ аҳәаа рахысра аԥдырҟәҟәааит Урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба.
Иара иажәақәа рыла, ахәыҷқәа назлаз жәахаҩык ауаа Аԥсныҟа аҳәаа иахысырц иақәыркит анаҩс Урыстәылаҟа ииасырц азы. Ахҵәацәа урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа иааныркылеит, аԥснытәи азинхьчаҩцәа ирырҭеит.
Шамба ишиҳәаз ала, азакәан инақәыршәаны закәаншьаҭада аҳәаа иахысуаз ауаа аҭакԥхықәра иақәыршәатәын, аха иҟоу аҭагылазаашьа азгәаҭаны ахҵәацәа Қырҭтәылаҟа ирхынҳәын.
Сергеи Шамба иазиԥхьаӡоит Аԥсны иҟоу економикатә ҭагылазаашьа ахҵәацәа рыдкылара алнаршом ҳәа.
"Иҟоу бзиан еилаҳкаауеит, аха ахҵәацәа рыдкыларазы еиҳа ибеиоу атәылақәа ыҟоуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Шамба иҳәеит атәылаҿ иалшо шыҟарҵо ахҵәацәа арахь раара аԥырҟәҟәааразы.