Аԥсны

Шьамтәыла Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ ҿыц дҟаҵоуп

2020 шықәса раахыс Шьамтәылатәи Арабтә Респуликаҟны Аԥсны ацҳаражәҳәаҩс дыҟан Баграт Хәытаба.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 31 – Sputnik. Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ ихаҭыԥуаҩ Муҳаммад Али Шьамтәылатәи Арабтә Респуликаҟны Аԥсны ацҳаражәҳәаҩс дҟаҵоуп.
Аусԥҟа инапы аҵаиҩит атәыла ахада Аслан Бжьаниа.
Муҳаммад Али (Татаж) - Шьамтәылатәи арепатриант. 2013 шықәсазы Шьамтәылантәи иҭоурыхтә ԥсадгьы ахь дхынҳәит иҭаацәа иманы. Аус иуан Аԥсны ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата аҟны Адәныҟатәи аимадареи аинвестициақәеи рыҟәша азҟаза хадас.