Аԥсны

Амилициауаа рганахь ала амч зхы иазырхәаз атәылауаа рзы ашьаус хацыркуп

Sputnik
АҞӘА, абҵара 1 – Sputnik. Аҟәа ақалақь апрокуратура ашьаус хацнаркит амилициауаа рганахь ала амч зхы иазырхәаз атәылауаа рзы ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада апресс-маҵзура.
Жьҭаара 23 рзы амилициа аусзуҩцәа административтә хьырхәра иаҵаркыз Асҭамыр Сабекиа изыԥҵәаз аҿҳәара ахьынҵәаз азы иаанкылара рҽазыршәеит. Сабекиеи Павел Теребови еицын, анаҩс урҭ ирыцлеит гәыԥҩык ауаа. Дара зегьы еидгыланы азинхьчаҩцәа иреисит.
Иара убри аҽны ахәылбыҽха Аҟәа, Чалмаз имҩаҿы игылоу аҩнеихагыла ашҭаҿы азинеилагаҩцәа раанкылара рҽазыршәеит. Амилициауаа аҿагылара рырҭеит 50-ҩык рҟынӡа ауаа.
Аамҭақәак рышьҭахь Нестор Џьопуа дааныркылоит. Атәылауаа Киркинаӡе И.В., Џьынџьал Д.Д., Лабжаниа Л.Р., Сабекиа А.Д. амилициа аусзуҩцәа иааныркылаз игараҿы ирԥырхагахеит, аматериалтә ԥхасҭа рырҭеит.
Асҭамыр Сабекиа, Павел Теребов, Нестор Џьопуа, Т.Б. Дарсалиа, И.В. Киркинаӡе, Д.Д. Џьынџьал, Л.Р. Лабжаниа рганахь алагьы ашьаус хацыркуп. Аҟәатәи аӡбарҭа аӡбрала Лабжаниа, Сабекиа, Дарсалиа, Џьынџьал ырбаандаҩуп. Заанаҵтәи аусӡбаратә усбарҭа Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭахь азыҳәа нанашьҭит Нестор Џьопуа ирбаандаҩразы.