АҞӘА, абҵара 1 - Sputnik, Сариа Кәарацхьиаԥҳа. Аԥсуа сахьаҭыхҩы Руслан Чхамалиа хаҭалатәи ицәыргақәҵа аатит Аҟәа Ацәыргақәҵатә зал хада аҟны.
Ацәыргақәҵахь инагоуп 60 инареиҳаны автор ипортреҭтә усумҭақәа. Аекспозициаҿ ихадоу аҭыԥ ныркылеит Баграт Шьынқәба ироман "Ацынҵәарах" иазку аусумҭақәа рсериа.
Ацәыргақәҵатә зал хада адиректор Ельвира Арсалиаԥҳа лажәақәа рыла Руслан Чхамалиа ицәыргақәҵа аҽакы еиԥшым, ара еизгоуп 60 портреҭтә усумҭа.
"Ари атема Руслан Чхамалиа ихала иалихит ацәыргақәҵаз. Ара иҟоуп еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иҭыхыз арҿиамҭақәа", - ҳәа лҳәеит Арсалиаԥҳа.
Асахьаҭыхҩы Нугзар Логәуа иазгәеиҭеит аҟазараҿы ишыҟам имариоу ажанр, аха апротрет ажанр иҷыдоу аҭыԥ шаннакыло.
"Убри азы ари ацәыргақәҵа иҷыдан иҳадаҳкылоит. Автор иааирԥшуа аперсонажцәа зегьы инарҵауланы ирызнеиуп. Апортреҭ адәахьала иаабо амацара акәӡам иаанарԥшуа, инарҭбааны ауаҩы иԥсихологиеи ихаҭареи аанарԥшуеит", - ҳәа иҳәеит Логәуа.
Руслан Чхамалиа ицәыргақәҵа абҵара 10 рҟынӡа иаартуп.
Руслан Чхамалиа - Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭеи Ҟәыбантәи аҳәынҭқарратә университет аграфика-сахьаркыратә факультети дроужьҭымҭоуп. Иара дравторуп 20 инарзынаԥшуа аҿыханҵатә ҟазара аметодиказ аҭҵааратә усумҭақәа. Дрылахәхахьеит 70 инареиҳаны Аԥсны, Урыстәыла, Италиа, Ҭырқәтәыла ацәыргақәҵақәа.