Аԥсны

Арӡынба: Шьамтәыла ацҳаражәҳәарҭа жәларбжьаратәи аимадарақәа рзы акраҵанакуаны иҟоуп

Аԥсны ахада иусԥҟала жьҭаара 31 рзы Аԥсны ацҳаражәҳәаҩыс Шьамтәыла дҟаҵоуп Мухаммад Али.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 1 - Sputnik. Шьамтәыла ацҳаражәҳәарҭа жәларбжьаратәии Мрагылара Ааигәа атәылақәеи Аԥсни рыбжьара аимадарақәа рырҭбааразы акраҵанакуаны иҟоуп ҳәа иҳәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба онлаин формат ала ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Мухаммад Алии иареи реицәажәараан.
Аминистр иҳәеит, уаанӡа Шьамтәыла иҟаз ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба иусура ишациҵо Аԥсны ахада Мрагылара Ааигәатәи атәылақәа рҿы ихаҭарнак иҳасаб ала.
Аиԥылараҟны ирылацәажәан хра злоу жәларбжьаратәи азҵаарақәа, Мрагылара Ааигәа аҭагылазаашьа, ԥхьаҟатәи аусеицура.
Аԥсны
Шьамтәыла Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ ҿыц дҟаҵоуп