АҞӘА, абҵара 1 - Sputnik. 2023 шықәса ажьырныҳәамза аахыс аԥсуа-аурыс ҳәаа наҟ-ааҟгьы 9 миллионҩык ауаа ахысхьеит. Ари 2022 шықәса аасҭа миллионҩык рыла еиҳауп. Абри атәы лҳәеит ЮГ Times аинтервиу азҭаз Краснодартәи аҳазалхырҭа аиҳабы Наталиа Полосухина.
"Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы апассаџьыртәии атранспорттәии трафик еиҳа-еиҳа еиҳахоит, бжьаратәла 10% рҟынӡа", - лҳәеит Полосухина.
Лара инаҵшьны иазгәалҭеит, аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" уахи-ҽни аҩ-ганк рҿы 27 цәаҳәа аус шыруа, аекскурсиатә автобусқәа рзы ацәаҳәа ҷыдагьы налаҵаны.