Аԥсны

Беслан Џьопуа аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ имаҵура аҟынтәи ихы дақәиҭтәуп

Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩс Беслан Џьопуа дыҟан 2020 шықәса раахыс.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 1 - Sputnik. Беслан Џьопуа аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ имаҵура аҟынтәи ихы дақәиҭтәуп ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Абри азы аусԥҟа инапы аҵаиҩит атәыла ахада Аслан Бжьаниа абҵара 1 азы.
Нанҳәа 13 1996 шықәсазтәи №290-с "Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара азы" Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан 5-тәи ахәҭаҷ инақәыршәаны Беслан Цыба-иԥа Џьопуа Аԥыза-министр актәи ихатыԥуаҩ имаҵура аҟынтәи ихы дақәиҭтәзааит", - ҳәа аҳәоит аусԥҟа аҟны.
Џьопуа ақыҭанхамҩа аминистрс дыҟазаауеит.
Беслан Џьопуа диит 1962 шықәсазы Аԥснытәи АССР аҟны. Далгеит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә асубтропикатә институт агрономтә факультет.
1989 шықәсазы дҟалоит аҿартә акоммерциатә центр "Амза" аиҿкааҩыс. 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәын.
1993 шықәса инаркны аус иуан Очамчыратәи ачаиехшарҭатә фабрикаҟны нџьныр хадас. 2007 шықәсазы Аԥсны Жәлар Реизара депутатс далхын. 2011 - 2014 шықәсқәа рзы ақыҭанхамҩа аминистрс дыҟан.