Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит сынтәа ацитрус шәырқәа рзы аҭагылазаашьа зеиԥшроу, урҭ рыҭира иацу ауадаҩрақәа раԥыхразы ицо аусурақәа ртәы
"Амандарина аҳәаа ахгараан Урыстәыла аганахьала ашәахтә ргоит, ҳара иахьынӡаҳалшо уи ҳармаҷуеит, избанзар, уаантә ауп нас ишахыршәаауагьы. Сынтәа ҳаиқәышаҳаҭны кьылак 24 мааҭ ҳәа ишьақәҳаргылеит. Заа иҟалаз амандарина 40 мааҭ ҳәа ирҭиуит, ахыԥхьаӡара анмаҷу аҳәааҿы уадаҩра ыҟаӡам", - иҳәеит Џьопуа.
Шәахәаԥш астудиаҟынтәи авидеонҵамҭа.