Аԥсны

Жәлар Реизара Аԥсадгьыл ахь ахынҳәраз афонд абиуџьет аԥсахрақәа аланагалеит

Аԥсны Апарламент изаамҭанытәиу аилатәара мҩаԥысуеит абҵара 2 рзы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 2 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Жәлар Реизара адепутатцәа Аԥсадгьыл ахь ахынҳәраз афонд 2023 шықәсазтәи абиуџьет аԥсахрақәа аларгалеит.
Ахашәалақәа 239,8 миллион мааҭ ҳәа ишьақәырӷәӷәан, аныхрақәа –402,7 миллион мааҭ ҳәа.
Адефицит 162,9 миллион мааҭ артәеит. Аԥаразоужьра мҩаԥгахоит 2023 шықәса ажьырныҳәа 1 азы инханы иҟаз аԥарақәа.