Аԥсны Апарламент адепутатцәа Атәанчахәытә фонд 2023 шықәсазтәи абиуџьет аԥсахрақәа аларгалеит. Урыстәылатәи атәанчахәытә фонд иазырхынҳәхо 25 миллион мааҭ аԥареи, иалагалоу аԥсахрақәа аԥсуа фонд аԥара ахшәаареи ирныԥшуама, абарҭ азҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит арадио Sputnik аефир аҿы Атәанчахәытә фонд аиҳабы Денис Гәлариа.
"1393-ҩык аветеранцәа рҭаацәарақәа ирызшәан 27 миллиони 860 нызқьмааҭ. Арҭ ашәарақәа ашықәс алагамҭаз иарбамызт. Иҳалшоз ааԥхьаӡаны убас алагаларақәа ҟаҳҵеит. Иахьазы абжеиҳара ҳшәахьеит, аӡәы азҵаара изцәырҵыр, дааир изшәахоит, уи азы уадаҩра ҳамаӡам", - иҳәеит Гәлариа.
Атәанчахәытә фонд аиҳабы еиҭеиҳәеит аԥарашәарақәа рымҩаԥгара шыҟалази, иара убасгьы Урыстәылатәи атәанчахәытә фонд иазырхынҳәхо аԥара залыршахо.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.