Аԥсны

Гәлариа еиҭеиҳәеит Атәанчахәытә фонд иалагалоу аԥсахрақәа ртәы

Sputnik
Аԥсны Апарламент адепутатцәа Атәанчахәытә фонд 2023 шықәсазтәи абиуџьет аԥсахрақәа аларгалеит. Атәанчаҩцәа аиҭакрақәа шырныруа атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Атәанчахәытә фонд аиҳабы Денис Гәлариа.
Атәанчахәытә фонд азеиԥш лагала 1,48 миллиард мааҭ ыҟоуп, азеиԥш ныхрақәа - 1,53 миллиард мааҭ. Абасала адефицит 53,6 миллион мааҭ ҟалеит. Уи азы аԥаразоужьра мҩаԥгахоит 2023 шықәса ажьырныҳәа 1 азы инханы иҟаз аԥарақәа рҟынтәи.