Аԥсны

Ашәахтә лагалақәа шықәсыктәи ауснагӡа жәамз рыла инагӡоуп

Ажьырныҳәамза аахыс 2023 шықәсазтәи ашәахтә лагалақәа руснагӡа 126,8 млн мааҭ рыла еиҳаны инагӡоуп.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 4 - Sputnik. Ашәахтә лагалақәа шықәсыктәи ауснагӡа жәамз рыла инагӡоуп, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра асаит.
Ажьырныҳәамза аахыс абиуџьет иалагалоуп 4,3 миллиард мааҭ инареиҳаны, убри аан 2023 шықәсазы ишьақәырӷәӷәоу ауснагӡала иазгәаҭан 4,2 миллиард мааҭ. Жәамз рыла иалагалоуп 3,4 миллиард мааҭ, уи алагь жәамз рыла ауснагӡа 26% инацны инагӡоуп, шықәсыктәи - 3%.
Аԥсны жьҭаарамзазы абиуџьет иалалеит 880,2 млн мааҭ, ауснагӡала иарбан 593,3 млн мааҭ, иацҵан инагӡоу 48% артәоит.
Аԥсны
Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра асаит аҿы ашәахтәшәаҩ хаҭалатәи икабинеҭ цәырҵит