АҞӘА, абҵара 4 – Sputnik. Аԥсны аԥшьбатәи аҭыԥ ааннакылеит урыстәылауаа 2023 шықәсазы аҳәаанҭыҵтәи аԥсшьараз иалырхуа ахырхарҭақәы рыбжьара, абри атәы аанацҳауеит АТОР.
Аилахәыра "Яндекс" адыррақәа рыла, сынтәа урыстәылауаа еиҳа изҭаауаз аҭыԥқәа рыбжьара актәи аҭыԥ аҟны игылоуп Ҭырқәтәыла, аҩбатәи - Египет, ахԥатәи - ЕАЕ. Аԥшьбатәи аҭыԥ аҟны игылоуп Аԥсны. Ахәбатәи - Китаи.
"Атуризм" аганахь ала иадҵаалоз ажьырныҳәа-цәыббрамза 2023 шықәсазы ҵыԥхтәи ашықәс иаҿырԥшы 5% еизҳаит ҳәа азгәарҭоит аналитикцәа.
Сынтәатәи ашықәс азы урыстәылауаа аҳәаанырцәтәи акурортқәа рыҟны рыԥсшьармшқәа иаҳа иацырҵоит ҵыԥх аасҭа.
2022 шықәсазы ҽнактәи аԥсшьара 13% ашьҭазҭгьы, 2023 шықәсазы арҭ рҩызцәа 7% роуп иҟоу. Мчыбжьыктәи аԥсшьара иашьҭоу сынтәа рхыԥхьаӡара 5% еизҳаит, уи алагь 30% инаӡеит. Аха 10-мштәи аԥсшьара иаҳа илаҟәит.