"Дцон аԥҳәызба еибашьра" абас ахьӡуп Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз арадио Sputnik апроект. Араҟа аибашьра амҩа ианысыз аҭыԥҳацәа рҭоурыхқәа еиҭарҳәит.
"Агәымшәараз" амедал занашьоу Земфира Кәыҵниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аибашьра дышцаз, лҩыза гәакьа лышьра шылнырыз, Аҟәа дшалҵыз, насгьы аибшьраан зегьы реиҳа дзыцәшәоз амца иалагылаз ҩажәашықәса зхыҵуаз лашьеиҵбы шиакәыз.
Шәахәаԥш астудиаҟынтәи авидеонҵамҭа.