Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара

Лӡаа ақыҭан километрак инеиҳаны амҩа акаҭран ықәырҵоит

2023 шықәса ԥхынгәымза аламҭалаз Гагра араион иҟалаз амшцәгьақәа ирыхҟьаны ақалақь агәи ақыҭақәеи аӡы рыҵалеит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 4 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны ԥхынгәымзазы ааха зауз Лӡаа ақыҭаҿы Агрба имҩа акаҭран ақәҵара иалагеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ақыҭа ахада Гурам Абӷаџьаа.

"Ииасыз асабшазы азыҟаҵаратә усурақәа мҩаԥыргеит, абҵара 1 азы иалагеит акаҭран ақәҵара. Амҩа аура 1,2 километра иҟоуп, Наӡаӡе лымҩаҟынтә иалагоит, ақыҭа агәахьы инеиуеит амшын аԥшаҳәаҟынтә", - иҳәеит иара.

Лӡаа ақыҭаҿы Агрба имҩа акаҭран ақәҵаразы иазоужьуп 17 миллион мааҭ Гагра араион абиуџьет аҟынтәи. 2023 шықәса аԥхынразы Гагра араион аҿы амшцәгьа ӷәӷәа ҟалеит, ақыҭақәеи ақалақьи рҿы аӡқәа хыҵит. Усҟан ақыҭа Лӡаагьы аԥхасҭа аиуит.
Абӷаџьаа ишиҳәаз ала, аиҳа аԥхасҭа зауз Речнаиа амҩа атракторқәа ықәҵаны ирыцқьоуп, хара имгакәа абӷанҷ ақәҵарахь ииасуиет.
Аԥсны
Аџьба Пицунда ақалақь иамоу апроблема хадақәа иреиуоу далацәажәеит
"Аӡышьҭрақәа ррыцқьаразы аҭыԥантәи ауааԥсыра аԥара еизыргеит, атехника адыргалеит. Аҽа техникакгьы аарышьҭраны иҟоуп аԥыза-министр Александр Анқәаб идҵала", - иҳәеит ақыҭа ахада.
Ирыцқьоу аӡыршьҭрақәа хә-километрак инаӡоит.