Аԥсны

Аџьба еиҭеиҳәеит Пицунда аӡынгьы аԥсшьаҩцәа шаднакыло атәы

Sputnik
АҞӘА, абҵара 5 – Sputnik. Пицунда ақалақь анаплакҩцәа аӡыни Ашықәсҿыцызтәи аныҳәақәеи рҽазыҟарҵоит аԥсшьацәа рыдкыларазы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Пицунда ақалақьтә еизара аиҳабы Мураҭ Аџьба.

"Ҳара ҳаҟны аиҳарак аԥсшьарҭа ҭыԥқәа зегьы аԥхын ауп аус аныруа, аха анаплакҩцәа асасааирҭақәа змоу аӡәырҩы хәыҷы-хәыҷла рҽазыҟарҵоит аӡынгьы асасцәа рыдкылараз, рсасааирҭақәа рыҩнуҵҟа аӡҭырчқәа, аҽыкәабарҭақәа, аҳамамҭрақәа аҭан аҟаҵара иаҿуп", - ҳәа иҳәеит иара.

Аџьба иара убасгьы иҳәеит, атуристтә ргыларақәа Литфонд, Ашыцра уҳәа реиԥш иҟақәоу ӡынгьы ԥхынгьы аус шыруа, уи жәаҳәарада ақалақь аԥсҭазаара ианыԥшуеит. Атуристцәа аԥсшьараз Пицунда алырхуеит, аекскурсиақәа рахь ицоит, аҭыԥантәи аџьармыкьеи адәқьанқәеи рыҟны ихәҳаахәҭуеит.
"Арҭ аԥсшьарҭа ҭыԥқәа рыкәша-мыкәша аԥсҭазаара еилашуеит. Атакси аарныҟәцаҩцәа инадыркны абизнес знапы алаку зегьы ахашәала рымоуп аӡын аамҭазгьы. Ари ҳақалақь аԥсҭазаара ианымшыр залшом", - иҳәеит Аџьба.
Аԥхынтәи аԥсшьара аамҭа ҭазааҭгыло Аџьба иҳәеит, сынтәа ишманшәалахаз, аха рашәарамзазы Гагра араион иҟалаз аӡхыҵра акыр ишырԥырхагахаз.
Аԥсны
Аԥсны 2023 шықәсазы урыстәылауаа зегь раасҭа аҳәаанҭыҵ аԥсшьараз иалырхуа иреиуоуп