АҞӘА, абҵара 5 – Sputnik. Аԥсны абанк анапынҵадатә хшәаарақәеи аелектронтә коммерциеи аланагаларан иҟоуп. Абри атәы арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит Абанк ахаҭарнак.
Аԥсны абанк адепартамент IT адиректор Адгәыр Агрба ишазгәеиҭаз ала, иаарласны аԥснытәи абанкқәа иалдыршоит ахәҳаахәҭра амаҵзуратә наплакқәа рыҟны анапынҵадатә хшәаарақәа рымҩаԥгара.
Ашықәс нҵәаанӡа ахсаалага "Аԥра" змоу алшара роуеит ахсаалага МИР ашҟа аԥара аиагара, убри аана ирласны ашәарақәа асистема рхы иамырхәаӡакәан.
Аԥсны Абанк аус аднаулоит ахсаалага АԤРА ала урыстәылатәи амаркетплеисқәа рыҟны атауар ахә ахшәааразы апроект.