АҞӘА, абҵара 6– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа-абџьарҟаҵаҩцәа Реидгыла аҩбатәи аҳасабырбатә цәыргақәҵа "Х-напы" аатит Аҟәа ацәыргақәҵатә зал хадаҿы.
"Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа-абџьарҟаҵаҩцәа ииасыз ашықәс азы ари азал аҿы имҩаԥган аԥхьатәи ацәыргақәҵа. Аидгыла иалахәуп ҩеижәаҩык инарзынаԥшуа аҟазауаа. Арахь иаагоу аекспонатқәа зегьы дасу аҭоурых еиҭазҳәо аинформациа аадырԥшуеит", - лҳәеит АЦәЗ адиректор хада Ельвира Арсалиаԥҳа ацәыргақәҵа аартуа.
Арсалиаԥҳа лажәақәа рыла, аидгыла иалахәуп анапҟазауаа реиԥш аҭоурыхдырыҩцәа, аҭҵааҩцәа, археологцәа.
Аидгыла анапхгаҩы Ҭимур Ӡиӡариа иҳәеит ацәыргақәҵахь ишааго аҵыхәтәантәи ашықәс азы аус зыдулаз анапкымҭақәа. Иара иҳәеит акомиссиа ҷыда ишалнакаауа Аидгыла афонд ахь инашьҭхо аусумҭақәа.
Арҭ аусумҭақәа ахәбатәи ацәыргақәҵа ашьҭахь ицәыргахоит. Ацәыргақәҵатә зал аҭааҩцәа ирбар рылшоит еиуеиԥшым аԥсуа ҳәызбақәа, амилаҭтә еиха, абырзал, аԥсуа еигәышә, VI ашәышықәса иатәу аԥсуа иабџьармаҭәа, иеибашьыгамаҭәа.
Аусумҭақәа равторцәа- Дмитри Ӡыба, Џьгәаҭ Зарандиа, Александр Белыи, Адгәыр Какоба, Станислав Какоба, Гурам Ҷкадуа, Ҭеимыр Ӡиӡариа, Пиотр лысенко, Баҭал Џьапуа.
Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа-абџьарҟаҵаҩцәа Реидгыла 2021 шықәса хәажәкыра 24 азы иаԥҵан. Иара иахықәкуп итрадициатәу ажьиреи абџьарҟаҵареи рыҿиара аларҵәара, ажәытә абџьар аиҭашьақәыргылара, ахархәареи аԥҵара атехнологиақәеи рыҭҵаара, иара убасгьы ажьиҩцәеи абџьарҟаҵаҩцәеи русумҭақәа рколлекциатә фонд аԥҵара.