АҞӘА, абҵара 6 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵеиҩит "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз ажурналист" ҳәа ахьӡ ахҵаразы Аусԥҟа.
Шықәсырацәала ажурналистика ахырхарҭаҟны лыҵшәабзиалатәи русуразы "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз ажурналист" ҳәа ахьӡ рыхҵоуп Ирина Агрԥҳа, Лана Аԥшьлааԥҳа, Сима Аргәынԥҳа, Зорро Бигәаа, Фатима Гергьиаԥҳа, Асида Гәниаԥҳа, Арифа Қапԥҳа, Камила Кьырвалԥҳа, Наала Мықәԥҳа, Аруна Чагәааԥҳа, Алхас Ҷолокәуа.
Лана Аԥшьлааԥҳаи Наала Мықәԥҳаи иара убас арадио Sputnik Аԥсны аҟны аус руеит.
Атәыла ахада Иусԥҟа инақәыршәаны "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ" ҳәа ахьӡ рыхҵоуп Давид Аҩӡба, Шьаризан Аҳәба, Владислав Бигәаа, Медеиа Гәаланӡиа, Ельдар Дамиров. Фарида Џьопуа, Ада Қәираиа, Оксана Табаӷәуа, Русҭам Харцыз.