Аԥсны

Аԥсуа-аурыс ҳәааҿы аҳазалхыҩцәа иааныркылеит ҩ-нызқь ҭоԥ аҭаҭын

Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҭаҭын ииаргон аҳазатә хылаԥшырҭа иацәыҵәахны.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 7 - Sputnik. Урыстәылатәи аҳазалхыҩцәа аԥсуа-аурыс ҳәааҿы закәаншьаҭада аҭаҭын ииазгоз ҩ-машьынак ааныркалеит. Абри атәы аанацҳауеит Шәача ақалақь аҿы аус зуа Краснодартәи аҳазалхра.

Автомашьына Hyundai агәаҭараан аҵаҿ аҵәахырҭа аарԥшын, уаҟа иҭан 1100 ҭоԥ аҭаҭын.

"Аҭаҭын ҭаҵәахын иԥсахыз абылтәыҭаҭәарҭа аҵаҿы, иара убас абарбал ҭаҵарҭаҟны", - иҳәеит аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аиҳабы Алексеи Быков.
Аҩбатәи амашьына Daewoo nexia аҿы – 500 ҭоԥ аҭаҭынаалыҵ рбеит агенератор аҿы, аҽа 1000 ҭоԥ — аидараҭыԥ аҿы.
Аконтрабанда рымхәуп. Административтә зинеилагарақәа рзы ашьаус хацыркуп.