АҞӘА, абҵара 7 - Sputnik. Ашьауӷатә усқәа рзы Ахашшааратә аӡбарҭа аӡбамҭала Омар Мерцхәылаа иӷьычра иалахәыз ҳәа гәҩарас ирымоу Гьаргь Зыхәба аҩнытә баандаҩра иқәҵоуп. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны апрокуратура хада.
Ахашшааратә аӡбарҭа Гьаргь Зыхәба иганахьала уаанӡа ирыдыркылаз аӡбамҭа аԥыхны, аҩнытә баандаҩра иқәнаҵеит.
Аус иахәаԥшуан Гәылрыԥшьтәи араионтә ӡбарҭа.
Омар Мерцхәылаа дырӷьычит Аҟәа араион Гәымсҭа ақыҭаҿ 2019 шықәса мшаԥы 17 рзы. Хымз рышьҭахь иара ацәгьоуцәа дырцәбналеит. Аусҭҵаара адыррақәа рыла, Омар Мерцхәылаа дырӷьычит Гьаргь Зыхәбеи ишьақәырӷәӷәам ахаҿқәеи. Иоушьҭразы Гьаргь Зыхәбеи Нугзар Папааи Мерцхәылаа иҭынхацәа 50 миллион мааҭ аԥара рымырхырц рҽазыршәеит.