Аԥсны

Аԥсны 2023 шықәсазы урыстәылауаа иалырхуа аҳәаанырцә-хырхарҭақәа ирыҵанакит

Иааидкыланы Урыстәыла атәылауаа ари ашықәс азы 21 миллионҩык аҳәаанхыҵ рыԥсы ршьеит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 8 - Sputnik. 2023 шықәса ах-ԥшьбарак рыҩнуҵҟа аҳәаанырцәҟа 11 миллион ныҟәара мҩаԥыргеит урыстәылауааа. Ари ҵыԥх аасҭа 22,9% еиҳауп ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атуроператорцәа рассоциациа (АТОР).
Арахь иаҵанакуеит Европеи Азиеи ртәылақәа рахь атранзит мҩасрақәагьы. Аиҳарак иалырхуа ахырхарҭақәа иреиуоуп Ҭырқәтәыла, Аԥсны, Еидҵоу Арабтәи Аемиратқәа, Таиланд, Египет.
Ари аамҭазы Европа бжьаратәла иаҭаазар ҟалоит миллионбжаҩык урыстәылаа.
26,4% аҳәаанырцә-ныҟәарақәа мҩаԥган асоветшьҭахьтәи атәылақәа рахь - Ҟазахстан, Ермантәыла, Қырҭтәыла, Азербаиџьан, Киргизиа, Узбекистан, Таџьикистан, Туркмениа, Молдавиа ҳәа рҳәеит ассоциациаҿы.
Аԥсны
Аԥсны 2023 шықәсазы урыстәылауаа зегь раасҭа аҳәаанҭыҵ аԥсшьараз иалырхуа иреиуоуп