Аԥсны

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан иҭахаз аибашьҩы иԥсыбаҩ Ҟрымантәи Аԥсныҟа иааргоит

Ризабеи Хибба иԥсыбаҩ анышә иарҭоит абҵара 9 рзы Аҟәа. Аусмҩаԥгатә иалахәхоит афырхаҵа иҭынхацәа.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 8 – Sputnik. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан Ҟрым иҭахаз аԥсуа еибашьҩы Ризабеи Хибба иԥсыбаҩ иԥсадгьыл ахь ирыҭоуп ҳәа аанацҳауеит "Вести Крым".
Ҟрым Ленинтәи араион аҟны имҩаԥган алахьеиқәратә усмҩаԥгатә, иара уаҟа ауп аибашьҩы иԥсыбаҩ ахьыԥшаазгьы.
Аибашьҩы иԥсыбаҩ ахьаарышьҭуаз иацырҵеит ихатәы маҭәақәагьы. Аԥсыбаҩ Новороссискҟа инаргоит, уаҟа Аԥснытәи аделегациа аԥылоит.