Аԥсны

Бџьарла еибыҭоу гәыԥҩык ауаа рыԥшаараз ирышьҭоуп Аԥсны амчратә усбарҭақәа зегьы

Sputnik
АҞӘА, абҵара 8 – Sputnik. Гәылрыԥшь араион аҟны ашәарыцаҩцәа ирбеит бџьарла еибыҭоу гәыԥҩык ауаа, урҭ рыԥшааразы Аԥсны амчратә усбарҭақәа зегьы рышьҭоуп ҳәа иҳәеит аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут.
Ашәарыцаҩцәа ражәақәа рыла, бџьарла еибыҭаз быжьҩык ауаа Азанҭа ақыҭан ирбеит, дара зусҭцәақәоу злоудыруа ҳәа дыргакгьы рымаӡамызт ҳәа азгәеиҭеит аминистр.
"Дара иркыз аҳәаанырцәтәи бџьарқәан, агәаанагара ыҟоуп автоматқәа М-4 роуп ҳәа, еилаҳәан ашәҵатәы еиқәацәала, асабрадақәа, акәылӡхылԥақәа уҳәа ибзианы еиқәыршәан. Иара убас, иахьыҟаз аҭыԥан иахаԥраауаз акоптер", - иҳәеит аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр.
Кьиут иҳәеит Аҟәаҟа ааирҭақәа зегьы шарку.