Аԥсны

Гал араион аҿы тамбовтәи аҵәақәа еиҭарҳараны иҟоуп

Жьҭаара 31 рзы Аԥснытәи аделегациа усутә ныҟәарыла Тамбовтәи аобласт Петровсктәи амуниципалтә округ иаҭааны иҟан.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 8 - Sputnik. Гал араион аҿы тамбовтәи аҵәақәа еиҭарҳараны иҟоуп ҳәа аанацҳауеит агазеҭ "Сельские зори".

Тамбовтәи аобласт Дубовое ақыҭа абаҳчааӡаратә наплакы аҟынтәи Гал араион ҳамҭас иаҭоуп 100-шьаҭак аҵәеиҭаҳатә.

Араион ахада Сергеи Ефанов иҳәеит Гал ақалақь аҿы ишазгәаҭоу аиҩызараз аллеиа аԥҵара.
Гал араиони Тамбовтәи аобласти жьҭаарамзазы акультура, аспорт, аҵара, ақыҭанхамҩа русхкқәа рҟны аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.