Аԥсны

Анаркотикатә маҭәашьарқәа рыҵәахраз даанкылоуп Мҵара инхо ахаҵа

Sputnik
АҞӘА, абҵара 8 – Sputnik. Гәдоуҭа араион Мҵара ақыҭа инхо Зураби Аланиа иганахь ала ашьаус хацыркуп закәаншьаҭада анаркотикқәа злоу аҵиаақәа рааӡареи анаркотик рацәа аҵәахреи рзы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.
Ашьаусԥшаара аусзуҩцәа Аланиа дахьынхо Мҵара ақыҭан ибаҳчареи иҩни анеимырдаауаз ирбеит 17 грамм инареиҳаны амарихуана. Иара убасгьы имырхит алада-краснодартәи аныцә адацқәа.
Аусӡбарҭа ишьақәнаргылоит иахәҭоу ахьырхәра.