Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Патрушев: Украина атеррористтә методқәа ахы ианархәоит Урыстәыла аҿагылараҿы

Sputnik
АҞӘА, абҵара 8 - Sputnik. Афронт аҿы алҵшәа ахьыҟам иахҟьаны Киев атеррористтә методқәа ахархәара анаҭо иалагеит Урыстәыла аҿагылараҿы ҳәа иҳәеит Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Николаи Патрушев.
"Украинатәи аган ас еиԥш аҽазышәарақәа мҩаԥнагоит Ленинградтәи, Калининтәи, Курсктәи АЕСқәа рҟны", - иҳәеит иара.
Патрушев иҳәеит жьҭаарамзазы аԥырҩы дызҭам украинатәи ахархәага Курсктәи АЕС аҵакыраҿы иҟоу аиадертә црыҵқәа рыҵәахырҭа ишаахаз.
Ари ажәылара астанциа аусура ԥырхага анамҭеит. АЕС аҿы арадиациатә фон шыҟаз иаанхеит. Ахҭыс ахҳәаа аҭо Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак ҷыда Мариа Захарова илҳәеит Киев атеррористтә еиҿкаарақәа ахы шреиԥшнашьалаз.