Аԥсны

Урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа Очамчыратәи ашкол ахимиаз амобилтә лабораториа арҭеит

Очамчыратәи 2-тәи ашкол арҵаҩцәа алшара роуит аинтерактивтә мыругақәа рхархәара, аҵаҩцәа – аԥышәарақәа рымҩаԥгара.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 8 – Sputnik, Сариа Кәарацхьиаԥҳа. Аԥсны игылоу Урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа Очамчыратәи 2-тәи ашкол ахимиаз амобилтә лабораториа арҭеит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит ашкол адиректор Илона Дамениаԥҳа.
"Алабораториатә усурақәа рымҩаԥгаразы иахәҭоу амаҭәарқәа зықәгылоу астол ду ҳамҭас иааргеит. Ахәыҷқәа рзы даара ихәарҭоуп. Аҵаҩцәа рҟынтәи ирацәаҩуп амедицина алызхырц зҭаху занааҭ ҳасабла, убри азы алабораториа акыр ихәарҭоуп", – лҳәеит Дамениаԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, аиҿкаара ИуНИСЕФ ахимиа акабинет аҟны арҽеиратә усурақәа мҩаԥнагеит, уажәы ироуз амобилтә лабораториа иаҳагьы иаргәырӷьеит. Уажәшьҭарнахыс ахимиа аурокқәа еиҳагьы аинтерес рыҵаны имҩаԥыргалоит ҳәа лҳәеит адиректор.
"Арҵаҩцәа рнапхгарала аҵаҩцәа рхала аԥышәарақәа мҩаԥыргалоит. Ари аҽа форматуп. Ахәыҷқәа ирзеиҭарҳәо рбо ираҳауа иҟалоит", – лҳәеит Илона Дамениаԥҳа.
Иааиуа амшқәа рзы алабораториа аусура иаладыргоит.
Уаанӡа Аҳәаахьчаратә усбарҭа галтәи 1-тәи ашкол абиалогиаз амобилтә лабораториа ҳамҭас иарҭахьан.