Аԥсны

Амчратә усбарҭақәа Гәылрыԥшь араион аҿы адиверсиатә гәыԥ аԥшаара иацырҵеит

Уаанӡа Аԥсны АҩАР адырра ҟанаҵеит ареспублика аҵакырахь адиверсантцәа алалеит ҳәа иҟаз аинформациа шьақәырӷәӷәам ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 9 – Sputnik. Амчратә усбарҭақәа Гәылрыԥшь араион аҿы адиверсиатә гәыԥ аԥшаара иацырҵеит ҳәа аанацҳауеит "Апсны.Иахьа".

Иазгәаҭоуп, Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба инапхгарала иахатәи аҵх адиверсантцәа рыԥшаараз ауснагӡатәқәа шымҩаԥыргоз.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут иҳәеит ареспублика аҵакырахь адиверсантцәа алалеит ҳәа иҟаз аинформациа шьақәырӷәӷәам, аха Аԥсны амчратә усбарҭақәа аԥшаарақәа ишрыцырҵо.
Аҭыԥантәи ашәарыцаҩцәа бџьарла еибыҭаз быжьҩык ауаа Азанҭа ақыҭан ирбеит ҳәа азгәеиҭеит аминистр. Кьиут иҳәеит Аҟәаҟа ааирҭақәа зегьы аркуп ҳәа.
Гәылрыԥшь араиони Қырҭтәыла аҵакыреи ашьхара аганахь ала еиԥнуп. Амшынԥшаҳәаҟынтәи аҳәаа аҟынӡа 200 километра бжьоуп.