Аԥсны

Аԥсны акредиттә еиҿкаарақәа рыԥҟаԥҵәатә капиталқәа шьақәыргылоуп

Аԥсны Амилаҭтә банк адҵа шьақәырӷәӷәан 2023 шықәса абҵара 2 рзы Абанк анапхгара иаднакылаз аӡбра ашьаҭала.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 9 - Sputnik. Ҿыц иаԥырҵоуи аус зуеи акредиттә еиҿкаарақәа рзы Аԥсны Абанк ишьақәнаргылеит аԥҟаԥҵәатә капитали ахатә ԥарақәеи иреиҵоу рҳәаа.
Амилаҭ банк адҵа ҟанаҵеит ишьақәыргылазарц:
иаԥырҵо абанкқәа рзы - иреиҵаӡоу аԥҟаԥҵәатә капитал 150 млн мааҭ,
аҳәаанырцә кредиттә еиҿкаарақәа иаԥырҵо аҿыга-банкқәа рзы - иреиҵаӡоу аԥҟаԥҵәатә капитал 450 млн мааҭ,
иаԥырҵо ибанктәым акредиттә еиҿкаарақәа рзы - иреиҵаӡоу аԥҟаԥҵәатә капитал 50 млн мааҭ,
аус зуа акредиттә еиҿкаарақәа рзы - 150 млн мааҭ еиҵам ахатә ԥарақәа,
абанк ахьӡ заур зҭаху ибанктәым акредиттә еиҿкаарақәа рзы - 150 млн мааҭ еиҵам ахатә ԥарақәа.
Иаҿыгоу аиҿкаара аԥызҵо ма аҟәша аазыртуа акредиттә еиҿкаарақәа алицензиа хада рымазароуп. Абанк ақәҵара амчра аиуеит ианрыдыркыла арыцхә инаркны 90 мшы аниаслак ашьҭахь.