Аԥсны

Аԥсны иаадыртуеит аҩбатәи "Мельцертәи ауада"

"Мельцертәи уада" ихымԥадатәиуп аҿкчымазара змоу егьырҭ ачымазцәа ирымныруа хаз аҭыԥ рзалхразы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 9 - Sputnik. Ишәарҭоу аҿкчымазара змоу рзы Аԥсны иаадыртуеит аҩбатәи "Мельцертәи ауада" ҳәа аанацҳауеит агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.
Ахыбра аргылара иалагахьеит аҟәатәи аҿкчымазаратә хәшәтәырҭа аҵакыраҿы. Абҵара 9 рзы аусурақәа рымҩаԥысшьа гәеиҭеит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.
Сынтәа ари аҩыза аҽа ҭыԥкгьы еиҿыркаахьеит. Хықәкыс иамоуп аҿкчымазара змоуи егьырҭ ачымазцәеи хазы-хаз рыҟазаара.