Аԥсны

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны иҭахаз аибашьҩы иԥсыбаҩ иԥсадгьыл ахь иааргеит

Апроект "Ахьӡ архынҳәра" алахәылацәа аԥсыбаҩ рыԥшааит Ҟрым, Ленинтәи араион аҿы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 9 - Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Аџьынџьтәылатәи аибашьра Дуӡӡа афырхаҵа, Аԥсны иалҵыз аибашьҩы Ризабеи Хьибба иԥсыбаҩ иҭынхацәа ирыҭоуп.
Аҽа хҩык аибашьцәа - Тарас Ҵәыџьба, Нури Џьопуа, Михаил Леиба рмаҭәарқәа, рабџьар ахәҭақәа, аҳаирплан ахәҭақәа рҭаацәа ирырҭеит.
"Аҟәа араион Аҩада Ешыра ииз арҟаԥшьуаҩы Ризабеи Хьибба Ҟрымтәи афронт далахәны Керч ихьчон. Деибашьуан 138-тәи ахысратә девизиаҿы. 1942 шықәсазы адивизиа хацәынмырха аӷа иҿагылан Керчтәи адгьылбжьаха иахьаҵанакуаз. Анемец офицар ирапорт аҿы иаҳәоит Батальнаиа ақыҭа мышкы хәлаанӡа агара шрылымшаз, артиллериа хьанҭа ахархәарала ахәылбыҽха рнапаҿы ишааргаз. Ари аҭыԥ аҿоуп дахьеибашьуаз Ризабеигьы. Ара еибашьуан арумыни анемеци мпыҵахалаҩцәа", - ҳәа еиҭеиҳәоит апроект "Ахьӡ архынҳәра" анапхгаҩы Григори Скворцов.
Апроект "Ахьӡ архынҳәра" анемец фашистцәа иҭадырхаз аибашьцәа рлахьынҵа шьақәнаргылоит, рыԥсыбаҩқәа рыԥшаара мҩаԥнагоит. Аԥсны аусура хацнаркит быжьшықәса раԥхьа. Ари аамҭа иалагӡаны 257 ҭаацәара ргәакьацәа рыӡбахә раҳаит, рхаҭара шьақәдыргылеит 503-ҩык аконцлагерқәа рҿы иҭакыз, Керч ахьчара зхы ақәызҵаз 120-ҩык асолдаҭцәа рыхьӡқәа еилкаауп.