Аԥсны

Гәдоуҭа ахәҭак лашарада иаанхоит ахәаша, абҵара 10 рзы

Sputnik
АҞӘА, абҵара 9 - Sputnik. Гәдоуҭа ахәҭак лашарада иаанхоит ахәаша, абҵара 10 рзы ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Амҩаду хадаҟны имҩаԥырго арыцқьарақәа ирыхҟьаны афымцалашара дырцәоит абҵара 10 рзы асааҭ 07:00 инаркны асааҭ 12:00 рҟынӡа.
Алашара дырцәоит аихшарҭатә цәаҳәақәа " Ахьтәы ҟәара", "7-тәи арратә база".