Аԥсны

Анаҟәаԥиатәи абаа аиҭашьақәыргылара актәи ахәҭа хыркәшахеит

Анаҟәаԥиатәи абаа ахыхьчаратә ҭӡы ахәҭеи агәашәқәеи реиҭашьақәыргылара иазоужьуп 7 миллион мааҭ.
Sputnik
АФОН ҾЫЦ, абҵара 10 - Sputnik, Бадри Есиава. Анаҟәаԥиатәи абаа аиҭашьақәыргылара актәи ахәҭа хыркәшахеит.
Еиҭашьақәыргылоу актәи аҟарулратә ҟәарч ахаҳәҭӡи аҭаларҭагәашә хадеи роуп.
Афонҿыцтәи аҭоурых-культуратә ҳәырԥсарра "Анаҟәаԥиа" адиректор Алхас Аргәын иажәақәа рыла, арҭ аусурақәа ирылагаанӡа археологиатә ԥшаарақәа мҩаԥган.
"Ажрақәа ирымзыз хадахеит абаа аҭаларҭагәашәи абжьысырҭеи реиқәырхара. 1958-1959 шықәсқәа рзы араҟа археолог Ҭраԥшь инапхгарала имҩаԥысуаз археологиатә усурақәа ирылахәын 200-ҩык. Усҟан актәии аҩбатәии аҟәарчқәа ирыламкьысӡеит. Уажәы ҳара урҭ рҭаԥшыхәраз аҭакԥхықәра ҳхахьы иаагеит", - иҳәеит иара.
Аргәын иажәақәа рыла, иахьазы Анаҟәаԥиатәи абаа аҩбатәи ацәаҳәаҿы иаарԥшуп аҟәарчқәа быжьба, иҟоуп агәаанагара аабатәигьы ыҟоуп ҳәа.
Абаа аиҭашьақәыргыларазы апроект азырхиан 2018 шықәсазы, аха аусурақәа 2022 шықәсазоуп ианрылага. Цәыббрамзазы аусурақәа хыркәшан. Аҳәырԥсарра абиуџьет аҟынтәи ирзоужьын 7 миллион мааҭ рҟынӡа аԥара.
"Имҩаԥаагаз аусурақәа иалдыршеит зқьышықәса раԥхьа иршәаҳаз аҭаларҭа аартра. Ажәытә зны уи абжьысырҭеи агәашәи хықәкыла ирбган. Агәашәқәа рышьҭагьы ыҟамызт", - иҳәеит иара.
Аргәын игәаанагарала абжьысырҭеи агәашәи дырбгазар ҟалоит византиатәи аруаа, ХI ашәышықәсазы абаа ааныжьны ианықәҵуаз.
Аргәын иажәақәа рыла, аусурақәа ирыцҵахоит- агәашәтә ҟәарч аҩнуҵҟеи аҿаԥшыларатә хәҭақәеи еиҭашьақәыргылахоит. Аусурақәа хыркәшахар алшоит ашықәс нҵәаанӡа.
1 / 4

Анаҟәаԥиатәи абаа аиҭашьақәыргылара актәи ахәҭа хыркәшоуп

2 / 4

Анаҟәаԥиатәи абаа аиҭашьақәыргылара актәи ахәҭа хыркәшоуп

3 / 4

Анаҟәаԥиатәи абаа аиҭашьақәыргылара актәи ахәҭа хыркәшоуп

4 / 4

Анаҟәаԥиатәи абаа аиҭашьақәыргылара актәи ахәҭа хыркәшоуп

Алхас Аргәын ари аҵакы змоу хҭысуп ҳәа ахиҳәааит. Ҭабуп ҳәа реиҳәеит ацхыраара ҟазҵаз, археологиатә усурақәа ирылахәыз Олег Бӷажәба, Гарри Сангәлиа, Инал Џьопуа, Шандор Ҟаитан, Алхас Смыр.
Анаҟәаԥиатәи абаа ахыхьчаратә ҭӡы ахәҭеи агәашәқәеи аартын Афонҿыцтәи ашколхәыҷқәа ртеатртә қәгыламҭала. Дара иаадырԥшуан абазгаа рыдгьыл шырыхьчоз, абааш аӷа инапахьы инеигар шалдмыршоз.
Ацаха ҟаԥшь ацынхәрас хәархьла иԥҟан абааш еиҭашьақәзыргылоз рыхьӡқәа зныз аӷәҟьаҟьа. Анаҩс уи аӷәы ахәҭақәа Афон ҿыц амузеи иарҭоит.
"Амчи аԥареи маҷымкәа иадҵоуп ари аус. Агәра згоит аҭӡы аҽа акыр шәышықәсагьы иаанхап ҳәа. Акраамҭа ҳгәы еилаԥшуан, аха нас аусураз аҭакԥхықәра ҳхахьы иаагеит", - иҳәеит Ингәыштәылатәи аиҭашьақәыргылаҩ Чаниев.
Арадио
Аргәын Анаҟәаԥиатәи абаа аиҭашьықәыргылара апроект азы: кыр идууп, ахарџьгьы рацәоуп
Ауснагӡатә иалахәын Аԥсны аҭҵаарадырра ахаҭарнакцәа, адинмаҵзуҩцәа, ақалақь ахадара, акультура аминистрра анапхгара, ААУ астудентцәа, атәыла асасцәа.
Анаҟәаԥиатәи абаа 806 шықәсанӡа аԥсуа ҳәынҭқарцәа иртәарҭан, Аԥсуа ҳәынҭқарра раԥхьатәи аҳҭнықалақь – Аԥсны абжьарашәышықәсатәи архитектураҟны зегь иреиҳау абаҟа ссир ауп. Византиатәи ахыҵхырҭақәа рҿы ирдыруеит Трахеиа ҳәа.
Анаҟәаԥиатәи ашьхара ақәцәа иҟоу Анаҟәаԥиатәи абаа 344 метра амшын иҩахыкны иҟоуп. Ахьчаратә цәаҳәақәа зкәыршаны, ашьхара ақәцәаҟны игылоу абаа ажәытә зны анапаҟны заагара амуаз ргыларан. VI ашәышықәсазы абазгаа зыхьчоз ари абаа амҵан изныкымкәа аҳәа еиларҵахьан арабцәеи, аҭырқәцәеи, римлианааи, аперсқәеи, византиааи.
Абаа аҩаӡараҟынтәи унапы ианушәа уалаԥшуеит Афон ҿыц, Пицунда инаркны Аҟәанӡа амшынҿықә.