Аԥсны

Аскульптура "Ажәеиԥшьаа" аадыртит Очамчыра

Ажәеиԥшьаа-аԥсуа мифологиаҿы ашәарыцара, абнақәа, ашьхара, абнатә ԥстәқәа ирхылаԥшуа Анцәахәы ҳәа дыԥхьаӡоуп.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 11 - Sputnik. Ашәарыцара Анцәахәы изку аскульптура "Ажәеиԥшьаа" аадыртит Очамчыра ақалақь аҿы, абри атәы аанацҳауеит "Аԥсныпресс".
Аскульптура аиҿартәышьа абас иҟоуп: Ажәеиԥшьаа аҵла иқәу игыгшәыгу алыџ асахьала (рысь) иаарԥшуп, уи аҽӡаны аҵыс ахь инеиуеит. Аскульптура автор- Геннади Ромин-Гамгиа, иара ГенЕрген ҳәа деицырдыруеит.
ГенЕрген иажәақәа рыла, иааирԥшыз ахаҿсахьа изышьцылоу Ажәеиԥшьаа ихаҿсахьа- абырг ма аҷкәын қәыԥш рыла иаарԥшым.
Аусумҭа аҵәҵәыра зԥырхагам, имжьакцо аџыр иалхуп. Ари аскульптура автор егьырҭ иусумҭақәа реиԥш аҵла иқәуп.
Очамчыра ақалақь 2523 шықәса ахыҵра аҳаҭыразы аԥшаҳәаҟны иаартын Геннади Ромин-Гамгиа искульптура "Амшынҳәа ԥсҿыхҩы" ("Ручание Дельфина"-аред.).
Аԥсны
Очамчыра ақалақь амш азгәарҭеит