"Агәымшәараз" амедал занашьоу Мактина Касланӡиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит леибашьратә мҩа шалагази, Џьгьардатәи агоспиталь ахь лнеира шыҟалази, аибашьра раԥхьатәи амш азы лашьа гәакьа дыҭҟәаны дшыргази ртәы.
"Дцон аԥҳәызба еибашьра" абас ахьӡуп Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз арадио Sputnik апроект. Араҟа аибашьра амҩа ианысыз аҭыԥҳацәа рҭоурыхқәа еиҭарҳәит.
Шәахәаԥш астудиаҟынтәи авидеонҵамҭа.