АҞӘА, абҵара 15 – Sputnik. Акциа "Ашьақар ҭышәынтәалоуп" ахьынӡамҩаԥысуаз агәаҭарақәа ирхысит 2074-ҩык, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥсны ашьақарчмазара змоу реилазаара" апроект "Ашьақарчмазара - лахьынҵаӡам" аҳәаақәҵаҩ Асида Адлеиԥҳа.
"Даара ҳгәы иахәеит сынтәа абриаҟара игәаҳҭаз рахьтә ҩыџьа заҵәык шракәу зырбагақәа 20 (ммоль/л - азгә.) иреиҳаз. Иара убас 133-ҩык рырбагақәа маҷк иҳаракын", - лҳәеит лара.
Адлеиԥҳа иара убас илҳәеит акциа абҵара 6 - 15 рзы ишымҩаԥысуаз, ақыҭақәа рылагьы ишалагаз. Ақалақьқәа рҿы абҵара 14-15 рзы ишымҩаԥысыз.
Апроблемақәа змоу рхыԥхьаӡа змаҷхаз ҳәа лара илԥхьаӡоит ауаа еиҳа рхы иацклаԥшуа, аспорт ахь рхы цо иахьалагаз ауп.
"Иара убас ҵыԥх акциа иалахәыз аӡәырҩы сынтәагьы ҩаԥхьа ршьақар гәарҭон. Абас аӡбахә лассы-лассы ицәыругалар, ауаагьы иаҳа иазҿлымҳахалоит, рыҽгәарҭалоит", - ҳәа инаҵылшьит Асида Адлеиԥҳа.
Ашьақарчмазара иаҿагыланы ақәԥара адунеизегьтәи амш абҵара 14 рзы иазгәарҭоит. Ари аныҳәа аларгалеит 1991 шықәса рзы Жәларбжьаратәи ашьақарчмазаратә федерациеи Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаареи, адунеи аҟны ашьақарчмазара иаҳа-иаҳа иалаҵәо иахьалагаз азы.