Аԥсны

Амаининг-фермақәа ԥшьба рбеит Аԥсны

Аԥсны иахьаҵанакуа акриптовалиута арҳаразы аусура азин аанкылоуп афымцаҳақәа ахьажәуи ахьанҭара ахьырзышьҭымхуеи инарыдҳәаланы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 15 - Sputnik. Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа Очамчыреи Гәылрыԥшьи араионқәа рҿы иаадырԥшит аус зуаз ԥшь-маининг ферма. Абри атәы аанацҳауеит АҩАР апресс-маҵзура.
Афермақәа рҿы аус руан шәкы инареиҳаны аппаратқәа. Урҭ рзеиԥш мчхара 166 кВт иҟоуп. Марат Вардаиа иитәыз аферма аарԥшын Очамчыра араион Елыр ақыҭа уаанӡатәи аипподром аҵакыраҿы. Уантәи иқәган 40 рҟынӡа аппарат.
Даҽа фермак аарԥшын Кәтол ақыҭан. 18 аппарат ихатәын Аҟәа инхо Ҭамел Хынҭәба. Вадик Қәҭелиа иферма аус ауан Аладатәи Ԥшьаԥ ақыҭа, Леон имҩаҿ игылоу ахатәыҩны аҟны. Аус руан 23 аппарат.
25 аппарат аарԥшын Уарча абнара агәҭаны. Аферма аԥшәма – Русҭам Папба.
Афермақәа зтәу рганахьала административтә зинеилагаразы аԥкаанҵақәа азырхиоуп. Амаининг хархәагақәа рымхны аамҭалатәи аҵәахырҭахь инагоуп.
Аԥсны Аминистрцәа реилазаара акриптовалиута арҳареи амаининг азы амаругақәа атәылахь ралагалареи ҟалом ҳәа аԥҟара аҿҳәара иацырҵеит ԥхынҷкәын 31 2023 шықәсанӡа.
Аԥсны акриптовалиута арҳареи афымцатә ҳақәа закәаншьаҭада раҿакреи рус аарԥшразы агәаҭарақәа еицымҩаԥыргоит Аҳәынҭстандарти, Аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи рзы аусбарҭеи, "Амшынеиқәафымцамчи" русзуҩцәеи.