Аԥсны

Аҳауагәаҭаҩ еиҭалҳәеит абҵарамза аҩбатәи ахәҭазы амшқәа шыҟало

Абҵарамза актәи азыбжазы амшқәа бзиан, 22-26 градус рҟынӡа иԥхарран.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 16 – Sputnik. Абҵара 16 инаркны амза нҵәаанӡа аиҳарак амшқәа шәшьызаауеит, ақәа леилоит, абри атәы лҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз аекологиаз Аҳәынҭеилакы аҳауагәаҭаҩ Диана Ҭраԥшьԥҳа.
"Аиҳарак амшқәа шәшьуп, ақәа леилоит, иҟалоит ақәеи акырцхи еилаланы ианлеило. Ашьхарахь асы шьҭалоит, ҽынла +10 +15 градус, уахынла +5 +10 градус ҟалоит. Амра аныԥхо амшқәа рзы +17 градус рҟынӡа иԥхаррахоит", – лҳәеит лара.
Аԥшасра акәзар мышқәак рзы секундк ала 20 метра инеилоит, амшынӡы аҟәандара +16 +17 градус, аҳауатә цәаакыра 60-90%. Амшынеисра 2-4 балл ианынаӡо ҟалоит.