Аԥсны

Даур Арухаа: сара макьана сактиорӡам, аҵара сҭоуп

Sputnik
30 шықәса рыҩнуҵҟа актиор Даур Арухаа инаигӡахьеит 40 роль инацны, еиуеиԥшым ажанрқәа рҿы.
Даур Арухаа атеатртә сценаҿы раԥхьаӡа иихәмарыз ахәаахәҭҩы ироль амшьҭа бзиан ҳәа иԥхьаӡоит. Аспетакль "Ахәаахәҭҩи амаалықьи" (А. Кучаев) аибашьра ашьҭахь арежиссиор Алхас Шамба иқәиргылеит.
Дару Арухаа далгеит Қарҭтәи атеатралтә университет. Уи ашьҭахь аус иуан Ахәаԥшҩы қәыԥш итеатр аҟны Аҟәа. Уи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ианырблы ашьҭахь, 1993 шықәсазы Аԥсуа драматә театр аҟны аусура далагеит.
Шәахәаԥш Sputnik Аԥсны астудиаҟынтәи авидеонҵамҭа.