Аԥсны

Ҳазҭоу ашықәс иалагӡаны Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭа жәанызқьҩык ауааԥсыра адҵаалахьеит

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭеи Афонҿыцтәи ахәшәтәырҭеи рҟны аусура шымҩаԥысуа гәеиҭарц азы дырҭааит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 16 - Sputnik. Ҳазҭоу ашықәс иалагӡаны Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа жәанызқьҩык инареиҳаны ауааԥсыра адҵаалахьеит, абри атәы Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба изеиҭеиҳәеит Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Ҳаџьараҭ Шамба.

"Ареспублика асасцәа, атуристцәа рыӡбахә ҳалацәажәозар, 2023 шықәса аҩнуҵҟа ахәшәтәырҭа иадҵаалеит 675-ҩык, ахәыҷтәы ҟәшахьы - 2350-ҩык. Амедусбарҭа еиԥҟьарада аштаттә режим иақәыршәаны аус ауан", - иҳәеит Шамба.

Ахәшәтәырҭаҿы аус шауыц иауеит аковидҟәша, иахьазы уа рҽырхәышәтәуеит 12-ҩык. 2023 шықәса ажьырныҳәамза инаркны COVID-19 рыдбаланы ахәшәтәырҭахь иааихьеит 200-ҩык ауааԥсыра.
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба изеиҭеиҳәеит Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Ҳаџьараҭ Шамба
Аҳақьым хада иара убасгьы иҳәеит амедусҳәарҭаҿы ишықәгыло адизельтә генераторқәа ҩба.
"Алашара арцәара иахҟьаны проблема ҳмоуроуп. Агенераторқәа рыҩбагьы аус бзианы ируеит, ианаамҭо атехникатә маҵзура иахрыжьуеит", - иҳәеит Шамба.
Шамба иазгәеиҭеит иаҭахны иҟалар апациентцәа аҵәыҵәритә цхыраара шрыҭахо, аизакырҭаҿы 5 тоннак аҵәыҵәри азырхианы ишрымоу.