Аԥсны

Аполитолог Ҳагба Израили Палестинеи реимак азы: ишьаарҵәыроу политикоуп

Sputnik
Жьҭаара 7, ашьыжь асектор Газа аганахь ала Израиль аракетақәа рыла иажәлеит, уи ашьҭахь ХАМАС аибашьцәа атәыла аҳәаа иаԥну араионқәа ирылалеит, ауаа рацәаҩны итҟәаны иргеит. Уи аҭакс ЦАХАЛ аоперациа "Железные мечи" иалагеит.
Изеиԥшрои иахьатәи аҭагылазаашьа Израильи Палестинеи, арҭ амшқәа ирылагӡаны иҟаҵаз аӡбамҭақәеи урҭ рылҵшәақәеи дырзааҭгылоит аполитолог Беслан Ҳагба.
"Изқәыркыз рхықәкы нарыгӡаанӡа иаангылаӡом, уи ахаҵара уадаҩуп, аха убас ауп ишыҟоу ишьаарҵәыроу аполитика. Адунеи аҿы иҟоу аиҿкаарақәа зегьы атәылақәа рыбжьара аимакқәа аныҟоу анырра ҟарҵаӡом. ", - иҳәеит аполитолог.
Шәахәаԥш Sputnik Аԥсны астудиаҟынтәи авидеонҵамҭа.