АҞӘА, абҵара 17 – Sputnik. Аԥсны абонентцәа зегьы афымцамчҭаҩгақәа рзықәыргыларазы миллиардк инеиҳаны аԥара аҭаххоит, абри атәы лҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.
Озган илҳәеит ахәԥҵәатә политика хра аиуеит аҭаҩратә система иаша анышьақәыргыло ҳәа.
"Ари аус аганахь ала апроблемақәа ҳамоуп. Ишыжәдыруеиԥш 2022 шықәсазы ишьақәҳарӷәӷәеит аусхктә программа. Уи апрограмма инақәыршәаны аҭаҩгатә хархәагақәа раахәаразы аԥаразоужьра мҩаԥысуеит. Имҩаԥго ауснагӡатәқәагьы налаҵаны Аԥсны абонентцәа зегьы афымцамчҭаҩгақәа рзықәыргыларазы миллиардк инеиҳаны аԥара аҭаххоит", - лҳәеит Озган.
Озган лажәақәа рыла, ахарџьқәа харҭәаатәуп ахатә ԥарақәеи ма адыԥхьаларатә ԥарақәеи рыла. Ахатә ԥарақәа рыла ариаҟара аԥараныхра залшом.
"Амшынеиқәафымцамч" аҿы еиҿыркаауа азеиԥшхашәалахәы уаанӡа аасҭа ҩынтәны еиҳахеит, аха зегь дара роуп иазхаӡом. 2020, 2021 ашықәсқәа рзы ахашәала 400 млн мааҭ еиҳамзар, сынтәатәи ашықәс жәеиза мзы рыҩнуҵҟала аилахәыра ахашәала 700 млн мааҭ ыҟоуп ", – лҳәеит аминистр.
Хара имгакәа иӡбатәуп зыда аенергосистемаҿ аҭагылазаашьа еиҭакшьа амоуа асистематә зҵаарақәа ҳәа лҳәеит Озган.