Аԥсны

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра Ԥсҳәы ақыҭахь ахәшәқәа нанашьҭит

Ԥсҳәы ақыҭа ауааԥсыра 30 шықәса рыҩнуҵҟа раԥхьаӡакәны амедицинатә гәаҭара иахысит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 16 - Sputnik. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра Ԥсҳәы ақыҭа ауааԥсыра рзы 230 нызқьмааҭ рыхә ахәшәқәа нанашьҭит.
Еиҳа зыда ԥсыхәа ыҟамыз ахәшәқәа рсиа шьақәыргылан ақыҭаҿ имҩаԥгаз адиспансеризациа алкаақәа рыла. Ауснагӡатә мҩаԥнагеит Аԥсуа-абаза конгресс, агәабзиарахьчара аминистрра ацхыраарала.
Аминистр иусԥҟа инақәыршәаны авитаминқәа, аԥсмаҷхара хызҽуа, ашоура зыртәо ахәшәқәа, антибиотикқәа, арзҩыдатәқәа, ахьаахҽыгақәа аахәан.
Уи адагьы зыгәчамауаҭатә ҟәартәра еицаԥаз аԥҳәыс Урыстәылаҟа дышьҭын, уи уаҟа дԥырҟеит.