Аԥсны

Гагра ақалақь аҿы ахатәыҩны блит

Sputnik
АҞӘА, абҵара 17 - Sputnik. Гагра ақалақь, Аптечнаиа амҩаҿы ахатәыҩны блит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Аусбарҭахь амцакра ҟалеит ҳәа аҭел иасит абҵара 17 асааҭ 14:03 рзы. Аҭыԥ ахь инеиит Гагра араион амцарцәаҩцәа ргәыԥқәа ҩба.
Убри аамҭазы аҩны амца иамҽханакхьан. Аиқәырхаҩцәа ирылшеит амцабз ааигәа игылаз ахыбрақәа рахь аиамыжьра.
Аӡәгьы ԥырхага имоуит.