Аԥсны

Гагра араион абиуџьет ахашәалатә хәҭа аԥхынтәи аихшьаалала 40 миллион мааҭ ишьҭырхуеит

Абиуџьеттә ԥарақәа рхархәарала Гагра араион аҿы аӡхырҵрақәа раԥырҟәҟәааразы аусурақәа мҩаԥгахоит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 17 – Sputnik. Гагра араион абиуџьет ахашәалатә хәҭа аԥхынтәи аихшьаалақәа рыла 40 миллион мааҭ ишьҭырхуеит, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит араионтә еизара ахантәаҩы Асҭан Агрба.
"Атуристтә сезон аихшьаалақәа рыла абиуџьеттә хашәала 190 миллион мааҭ ыҟан. Уажәы 40 миллион мааҭ ацаҳҵоит", - иҳәеит иара.
Агрба иажәақәа рыла, арҭ абиуџьеттә ԥарақәа рхархәарала Гагра араион аҿы аӡхырҵрақәа раԥырҟәҟәааразы аусурақәа мҩаԥгахоит, ирыцқьахоит аӡыршьҭрақәа, ақәоуратә аамҭа иаздырхиоит ақалақьи ақыҭақәеи ринфраструктура.
"Ари аус хымԥадатәиуп. Ҳуааԥсыра рмазара хьчатәуп. Уаанӡагьы аусурақәа мҩаԥган, аха иазхоны иҟам. Аӡынра аҽазыҟаҵара аҭахуп", - иҳәеит иара.
Агрба иазгәеиҭеит аӡхыҵрақәа раан аԥхасҭа зауз ауаа аматериалтә цхыраара шрырҭо. Арҭ амшқәа рзы иазыԥхьагәаҭоуп изаамҭанытәиу аԥарашәарақәа.
Агрба иҳәеит акурорттә сезон қәҿиарала иахьымҩаԥысыз инадҳәаланы ироуз арҭ аԥарақәа ахәыҷбаҳчақәа, ашколқәа, аспорттә ҽазыҟаҵарҭақәа рыргылараз, атротуартә хаҳәҟьаԥс ақәҵара, абаҳчақәа рырԥшӡара, Лӡааи Гьечрыԥшьи амҩақәа акаҭран рықәҵара рықәхарџьра рыгәҭакуп ҳәа.