Аԥсны

Кәыҵниеи Лукашики Аԥсни Урыстәыла арегион ҿыцқәеи русеицура иалацәажәеит

Аԥсны АҶ рминистр Лев Кәыҵниа жьҭаарамзазы Урыстәыла арегион ҿыцқәа-Донецктәи Жәлар Рреспублика, Лугансктәи Жәлар Рреспублика, Запорожиеи Херсони аобластқәа рҟны Аԥсны ахада ихаҭарнак ҷыдас дҟаҵан.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 17 – Sputnik. Урыстәыла арегион ҿыцқәа рҟны Аԥсны ахада ихаҭарнак ҷыда Лев Кәыҵниа диԥылеит Афедерациа асубиектқәеи, апарламенти, ауаажәларратә хеилакқәа рнырразы Москва адепартамент аиҳабы Александр Лукашик.
Аиԥылараҟны Аԥсни Урыстәыла арегион ҿыцқәеи русеицура иалацәажәеит.
Аԥсни Урыстәыла арегион ҿыцқәа-Донецктәи Жәлар Рреспублика, Лугансктәи Жәлар Рреспублика, Запорожиеи Херсони аобластқәеи русеицура азҵаарақәа рыӡбразы аусутә еимадарақәа ашьақәыргылара иазааҭгылеит.